Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит

Цәыббрамза 23 рзы ААУ аҟны имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор А.А. Гәарамиеи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Д.Н. Беспалови реиԥылара.

Аофициалтә хәҭахьы ииасаанӡа Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректори аделегациеи ирбеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҵараиурҭа аҭҵаарадырратә библиотека. Аректор Д. Беспалов дрыҿцәажәеит абиблиотека аусзуҩцәа, анаҩсан имҩахыҵит аҭоурыхтәи азиндырратәи факультетқәа рахь. Асасцәа идырбан амузеи-лектории, азиндырратә факультет акриминалистикатә лабораториеи.

Аиԥылара аартуа аректор А.А. Гәарамиа иазгәеиҭеит 2014 шықәса раахыс арҭ аҵараиурҭақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьоу. Аректор иажәақәа рыла «ҳусеицура иалагӡаны ҳҵараиурҭақәа рыбжьара имҩаҧгоу аусура ҟәнушьартә иҟаӡам, аха иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа рацәаны ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп. Убарҭ ҳасаб рзуны иахьа иаҳҭааит асасцәа. Ҳнапы рыҵааҩит ҳаҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа. Урҭ ирыбзоураны иалыршахоит ҳусеицура аҳәаақәа рырҭбаара».

Рнапы рыҵарҩит аиқәшаҳаҭрақәа хԥа: а) Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети рыбжьара аусеицуразы, б)азинзакәанԥҵареи, азинполитикеи захьӡу жәларбжьаратәи анаука-ҭҵааратә лабораториа аԥҵаразы, в) ҩ-дипломк аиуразы алшара аԥызҵо аҵаратә программақәа рынагӡаразы. Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор А.А. Гәарамиеи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Д.Н. Беспалови.

Имҩаԥысыз аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы В.Чеха аиҿкаара ахьӡала ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа «Аусеицуреи аиҩызареи рзы» аҳаҭыртә дырга ианеишьеит.