Азҵаара рыҭара



ААУ аректорат

Цәыббрамза 10 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҟны имҩаԥысит аректорат реилатәара.Излацәажәоз азҵаарақәа иреиуан адкыларатә ԥышәарақәа рлыҵшәеи, аԥышәарақәа реиҭаҭира аихшьалеи.

Зҵаара хаданы иқәгылан аҵаратә процесс алагара азы имҩаԥгатәу аепидемиологиатә усхкқәа.Аҿкы чымазара аганахьала ареспубликаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны аҵаратә семестр ААУ аҟны цәыббрамза 21 ахь ииагоуп.