Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедреи , Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрреи , аҽкы чымазара ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаби еицымҩаԥыргоит ауниверситет аусзуҩцәа рыбжьара акороновирус алкааразы атест. Атестмҩаԥгара мҩаԥыслоит ҩы-мчыбжьа, аҵараиурҭа аҵаратә шықәса апроцесс иалагаанӡа.
Аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аиҳабы, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Л.О.Аҳәба илҳәеит: «Агәаҭара мҩаԥысуеит ишақәнагоу еиԥш, аҵараиурҭа аусзуҩцәа еилыркаауеит ргәабзиара ҳшахӡыӡаауа. Атестмҩаԥгара хықәкыс иамоугьы, аҵаратә шықәса апроцесс иалагаанӡа ауниверситет аусзуҩцәа зегьы – апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи административтә ҟәшақәеи русзуҩцәеи аҿкы чымазаразы риммунитет ашьақәыргылара ауп. Ҳара иалаҳкаауеит аҿкы атәым цәеижь аҿагылара ҳзырбо иӷәӷәоу аимуннитет раԥҳьатәи ашьаҿақәа раан. Ҳара иҳамоуп 761-ҩык аусзуҩцәа, иуадаҩуп агәаҭарақәа рлыҵшәа атәы аҳәара. Иахьатәи амш аҽны ҩажәижәаба-ҩынҩажәаҩык агәаҭара иахысхьеит, амчыбжь анҵәамҭазы иаҳҳәарц ҳалшоит иахьынӡаҳамоу ачымазара иаҿагылоу ҳзыхьчо амикрохәҭақәа. Атест мҩаԥгара хацаркын нанҳәа 31 инаркны, ихыркәшахоит цәыббрамза 11 рзы.