Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа иҟаиҵаз аҳәамҭа

Ҳаҭыр зқәу анацәа! Ҳаҭыр зқәу абацәа! Ҳаҭыр зқәу абитуриентцәа! Аибашьра анцозгьы аибашьра ашьҭахьгьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аԥсны жәлар ирыдҳәалоуп. Ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшроу иаҿырԥшны ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит. Иахьа ҳара имҩаԥаагоит абитуриентцәа ауниверситет ахь рыдкылара, аха иубартә иҟоуп апандемиа даара аԥырхага шыҟанаҵаз абитуриентцәа рҽазыҟаҵараҿы. Ахырхарҭақәа зегьы рыла имҩаԥаагаз раԥхьатәи аԥышәарақәа иаадырԥшит иҳаракым азыҟаҵаратә ҩаӡара. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит уи обиективтә мзызқәа шамоу. Убри азы раԥхьатәи аԥышәарақәа рҿы ҳара ҳашьҭан ауниверситет иҭалоз  рхыԥхьаӡара  аиқәырхара, аԥышәара ззымҭииз рхыԥхьаӡара даара имаҷуп.

Убарҭ зегьы хшыҩзышьҭра рзуны, иахьа ишәыласҳәар сҭахуп адкыларатә комиссиа ирыӡбаз иполитикатәым аӡбамҭа – адкыларатә  ԥышәарақәа раанкылара. Аҩратә ԥышәарақәа азҭаз абитуриентцәа иаларгалаз арзаҳалқәа инарықәыршәаны, урҭ ауниверситет иахыԥхьаӡалахоит.Ҳара ҳазнеишьа иамоуп ааӡаратә ҟазшьа, избан акәзар аҿар ргәабзиара зегьы ирыцкуп, ихадароу аҵакы амоуп. Ҳара есқьынагьы инаҵшьны иазгәаҳҭоит, урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа  рахь ишьҭлазарц  шаҭаху ҳтәылаҿы зегь реиҳа иаҭаху, ихәарҭоу азанааҭқәа ирҭало абитуриентцәа. Ирацәаҩуп, рҵара аныхдыркәшалак ашьҭахь, имгьежьуагьы. Ҳтәылазы ихәарҭоуп афизикцәа, абиологцәа, ахимикцәа, агеографцәа, агрономцәа, амеханизаторцәа, аелектрикцәа уҳәа убас егьырҭгьы. Шәыхшыҩ азышәышьҭыр сҭахуп ҳара ишәыдаагало азанааҭқәа. Хәарада, еиҳа еиӷьуп шәара шәыԥсадгьыл аҿы аҵара шәҵозар. Агәра згоит, ҳаӡбамҭа абитуриентцәа урҭ рҭаацәеи гәахәарыла ишрыдыркыло. Адкыларатә комиссиа иҟанаҵаз акциа ииашаны еилыркаап ҳәа сгәы иаанагоит. Ишәыдысныҳәалоит ҳабитуриентцәа, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа шәҵараҿы. Ҳара иҳамоуп хыԥхьаӡарацәала зыквалификациа ҳараку арҵаҩцәа, урҭ ирылшоит зхаҭабзиара ҳараку адыррақәа астудентцәа рыҭара.