Азҵаара рыҭара



Аспециалист ҿарацәа занааҭла реихшара

 Рашәарамза 30 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит хықәкылеи аҳәынҭқарра аҿаҵаралеи аҵара зҵоз сынтәатәи аушьҭымҭацәа реихшара.

Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы – ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа.

Акомиссиа алахәылацәа: ААУ аҵараус апроректор В.И. Маланӡиа, аԥыза-министр, афинансқәа рминистр В.В. Делба, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи аминистр ихаҭыԥуаҩ М.И.Ченгелиа.

Аихшара иалахәын Аԥсны араионқәа рҵаратә усбарҭақәа реиҳабацәа, ауниверситет афакультетқәа рдеканцәа.

ААУ аҵараус апроректор В.И.Маланӡиа иалкааны иҳәеит, араион аҵара Аусбарҭақәа рахь ихы рханы ирзымхо азанааҭқәа рыла аҿар ауниверситетахь иаарышьҭларц, иагьиҳәеит ауниверситет анапхгара ҷыдала ахылаԥшреи адгылареи шрырҭо.

Аушьҭымҭацәа еихшан Аԥсны Аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аорганизациақәеи аусбарҭақәеи рахь.

Сынтәа 465-ҩык аҿар ауниверситет иалгеит, урҭ рахьтә: ахықәкытә ҿаҵарала – 58-ҩык, аҳәынҭқарратә ҿаҵарала – 135-ҩык, ахәԥса шәаны аҵара зҵоз – 273-ҩык аушьҭымҭацәа.