Азҵаара рыҭара



Агронџьныртә факультет аушьҭымҭацәа реихшьалатә аҳәынҭқарратә аттестациа

Рашәарамза 15 рзы   агронџьныртә факультет «Агрономиа» азанааҭла аушьҭымҭацәа реихшьалатә  аҳәынҭқарратә аттестациа мҩаԥган.

Акомиссиа ахантәаҩы,  агрономиа акафедра апрофессор, ақыҭа-нхамҩатә ҭҵ.рканд., адоцент Г.А. Ҳәатышь, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ, адекан иҭакԥхықәра назыгӡо, адоцент Р.А.Смир.

Акомиссиа алахәылацәа: агрономиа акафедра аиҳабы, ақыҭа-нхамҩатә ҭҵ.рканд., адоцент К.Т. Чыкәбар, агрономиа акафедра апрофессор, ақыҭа-нхамҩатә ҭҵ.рканд.В.Д. Леиба, агрономиа акафедра  арҵаҩы еиҳабы М.А. Аҩӡба, акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ Д.Д. Бакир-оглы.

Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа ртемақәа амҿханакуан  адәқәеи абаҳчақәеи рҟны адгьыл ақәаарыхреи, аус рыдулареи ирызку азҵаарақәа жәпакы. Инарҭбааны иахцәажәан афеихоа, апатырқал, аџьықәреи  хкқәа рагробиологиатә хәшьара  аҭара.

Астудентцәа рыҭҵааратә усурақәа мҩаԥган Аԥсны абаҳчақәеи, адгьылҭыԥқәеи рҟны. Адокладқәа ирыцҵан ааглыхтә ԥшшәырацәала аҵак ду змаз  апрезентациақәа.

Акомиссиа ахантәаҩы Г.А. Ҳәатышь иажәақәа рыла адипломтә усумҭакәа аинтерес рыҵан: «Агрономтә ҭҵаарадыррақәа рҟны аусумҭақәа лагалоуп, иҟан зҿлымҳара зуҭаша наҟ-наҟ иацҵатәу аусумҭақәа. Агрономцәа-аспециалистцәа еиҿыркаароуп афермертә нхамҩақәа, аушьҭымҭацәа усурала реиқәыршәаразы» - иҳәеит апрофессор.