Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭақәа рыхьчара ААУ астудентцәа «Анемец бызшәа» азанааҭла

Рашәарамза 12 рзы рдипломтә усумҭақәа рыхьчон афилологиатә факультет астудентцәа «Анемец бызшәа»  азанааҭла.

Аттестациатә комиссиа ахантәаҩы, аԥсуа бызшәа акафедра №2 аиҳабы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор А.Ш. Ажьиба,   ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афилол. ҭҵ.рканд., афилологиатә факультет адекан  Б.А. Хагәышь.

Акомиссиа алахәылацәа: аҳәаанырцәтәи абызшәақәа ркафедра аиҳабы, адоцент Л.Ф. Адлеиба, акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ М.Б. Касланӡиа.