Азҵаара рыҭара



Аушьҭымҭатә квалификациатәи адипломтәи усумҭақәа рыхьчара англызи анемеци бызшәақәа ркафедраҟны

Рашәарамза 10 рзы, аквалификацитәи, адипломтәи усумҭақәа рыхьчара хацдыркит ААУ афилологиатә факультет астудентцәа «Англыз бызшәа» азанааҭла.

Акомиссиа ахантәаҩы, афилол.ҭҵ.рдоктор, апроф., В.А.Чыргба, акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афилол.ҭҵ.рканд., адоцент, афилологиатә факультет адекан Б.А. Хагәышь.

Акомиссиа алахәылацәа: афилол.ҭҵ.рканд., адоцент англызи анемеци бызшәақәа ркафедра аиҳабы Г.К. Герхьелиа, адоцент, афилологиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ Р.О. Ачба, амаӡаныҟәгаҩ М.Б.Касланӡиа.

Аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа алахәылацәа инарываргыланы адипломтә хьчара рҽаладырхәт аҳәаанырцәтәи абызшәақәа ркафедра аусзуҩцәагьы.

Рашәарамза 10, 11 рзы рквалификациатә усумҭақәа рыхьчеит 14-ҩык астудентцәа, рашәарамза 12 рзы рдипломтә усумҭақәа рыхьчеит 6-ҩык астудентцәа.

Аттестациатә комиссиа ахантәаҩы, афилол.ҭҵ.рдоктор, апрофессор В.А.Чыргба иазгәеиҭеит: «Адипломантцәа русумҭақәа аинтереси актуалреи рыҵан. Аӡәырҩы  русумҭақәа акьыԥхь арбаразы иазгәаҭоуп. Аинтеллектуалтә ҩаӡареи, аерудициеи аадырԥшит абызшәадырраҿы, убри алагьы иаҳҳәар ҳалшоит англыз бызшәа акафедра иҿырԥшыгоу аушьҭымҭацәа ҭрыжьит ҳәа».