Азҵаара рыҭара



Аушьҭратә квалификациатә усумҭақәа ААУ аҟны

Афилологиатә факультет иацырҵоит адипломтә усумҭақәа рыхьчара, иахьа русура нарыгӡон афольклористика агәыԥ астудентцәа.

Акомиссиа ахантәаҩы – афилол.ҭҵ. рк., алитератураҭҵааҩы У.Ш.Аҩӡба, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ – афилологиатә факультет адекан, адоцент Б.А.Хагәышь.

Акомиссиа далахәын афилол.ҭҵ.рк., адоцент, ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы Д.С.Аџьынџьал. Ахьчара рҽаладырхәт астудентцәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы.

Афил.ҭҵ. рдоктор, ААУ апрофессор З.Џь. Џьопуа аусумҭақәа дрыхцәажәо иҳәеит: «Иахьа имҩаԥысыз ахьчара, ҳазҭагылоу аамҭазы апандемиа ыҟамызҭгьы даҽа ҟазшьак аиуан, аха уеизгьы ахьчара маншәаланы имҩаԥысит. Адипломантцәа акомиссиа алахәылацәа иддырбеит унадыххыланы аусумҭа шузымыхьчо. Ибзианы иҩу аусумҭа маҷк  адиссертациа еиԥшуп, иҟоуп уи аганахьала узырхәыцша аусумҭақәа».

Астудентцәа рдипломтә хьчараан иаадырԥшит рырҿиаратәи рыҭҵаарадырратәи знеишьа.