Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭақәа рыхьчара

Рашәарамза 3 рзы адипломтә усумҭакәа рыхьчара иацҵан афилологиатә  факультет – абызшәадырыҩцәа ргәыԥ ҽынлатәи аҟәшаҽы.

Аԥышәаратә комиссиа хантәаҩра азиуан афилол.ҭҵ.ркан., алитератураҭҵааҩы У.Ш.Аҩӡба, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ афилологиатә факультет адекан,  адоцент Б.А. Хагәышь.

Акомиссиа иалахәын - афилол.ҭҵ. рдоктор, апрофессор, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы О.П.Ӡари-иԥа, афилол.ҭҵ.рдоктор, апрофессор В.А.Чыркба, иара убас адипломтә усумҭақәа рнапхгаҩцәа.

Зынӡаск адипломтә усумҭақәа жәаба ыҟан, уамашәа иубартә акакәны иҟан ҳәа дахцәажәеит ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы О.Ӡари-иԥа: «Аҭагылазаашьа злаҟоу ала – абиблиотекақәа шарку,  акьыԥхьра шыҟам, алитература рхы иархәаны адипломтә усумҭақәа аздырхиеит ишахәҭаз еиԥш еиқәыршәаны; ахҟьа аҭаны, арецензиақәа аҭаны, иазнеит иурҽхәаратәы»

Атемақәа еиуеиԥшымызт, алексика иадҳәалаз ыҟан, абызшәа иадҳәалаз ыҟан, аԥсуа-адыга бызшәа аиҿырԥшра, аграмматика аганахьала аиҿырԥшра ахьыҟаз ыҟан, аҵарауаа рырҿиареи рлагалақәеи аарԥшын, абасала аинтерес рыҵаны иаарԥшын аусумҭақәа.

Аушьҭымҭацәа рҟынтә иҟоуп рпрофессионалтә занааҭла аус зуа ашколқәа рҿы, ателехәаԥшраҿы, абиблиотекақәа рҟны.