Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭақәа рыхьчара ажурналистика акафедра аҟны

Рашәарамза 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны онлаинла рдипломтә усумҭақәа рыхьчон ажурналистика акафедра аушьҭымҭацәа. Сынтәа абакалавриат ахырхарҭала рҵара хдыркәшоит 11-ҩык астудентцәа, 4-ҩык астудентцәа аспециалитет ахырхарҭала.

Аттестациатә комиссиа хантәаҩра азиуан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, СССР ажурналистцәеи ашәҟәыҩҩцәеи Реидгыла алахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Т.М. Ҷаниа, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы Гә.А.Амқәаб, апрофессор, ажурналист Е.Гь.Бебиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афил.ҭҵ. ркан. А.Е.Ашәба.

Аԥышәаратә комиссиа алахәцәа онлаинлоуп аусумҭақәа ишырзыӡырҩуаз,  астудентцәа аус здырулаз  атемақәа еиуеиԥшымызт.

Ажурналистика акафедра аиҳабы Гә.Амқәаб астудентцәа ззаҭгылоз атәы дахцәажәо  иҳәеит: «Иахьа ажурналистика зҵаарақәас иқәнаргыло рыҭҵаара ауп атемақәа еиҳарак хырхарҭас ирымаз.  Аглобалтә хҭысқәа ныррас иҟарҵо  аԥсуа журналистикаҿы, урҭқәа зегьы ҳара ҵасла  иаҳзааигәоу иаҳзааигәаму еиҿдырԥшит ҭҵаарадыррала». Онлаин формала ахьчара дахцәажәо иҳәеит ас еиԥш иҟоу аԥышәа аҵараиурҭаҿы шлагала ҿыцу, аҿиарагьы аиуроуп ҳәа дахәаԥшуеит.