Азҵаара рыҭара



Инеиҵыху аректорат реилатәара

Рашәарамза 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит  инеиҵыху аректорат реилатәара. Уахь ааԥхьаара лыман Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Л.Скорик.

ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа зҵаара хаданы иқәиргылеит, асанитартә нормақәа инарықәыршәаны аҩбатәи асеместр аиқәырхареи ахырқәшареи, астудентцәа амаҭәарқәа  рыҭира аформа атәи  аус рыдулара.  Адеканцәа ирыдиҵеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны  афакультетқәа рҿы  аамҭеихшара аԥҵара.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Л.Скорик иазгәалҭеит амаҭәарқәа рыхәҭак рхырқәшаразы ус еиԥш ихымԥадатәиу аҭахра ыҟазар, асанитартә нормақәа зегьы рықәныҟәарала астудентцәа аҵараиурҭахь инеир шыҟало.

Афакультетқәа рдеканцәа азааҭгылеит хаҭала дара рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, амаҭәарқәа ишрыԥхьоу, насгьы урҭ рхырқәшаразы азҵаара аганахьала ирымоу агәаанагара.

Аҽазыҟаҵарақәа  ианрылаго изықәныҟәатәу асанитартә нормақәа рахь иаҵанакуеит  аҵараиурҭа аҩналарҭаҿы ашоура шәара, антисептикқәа рхархәара, астудентцәа асоциалтә дистанциа рыбжьаҵара уҳәа аԥҟарақәа.

Аректорат аҿы иазгәаҭан ауниверситет аҿы аҽазыҟаҵарақәа хацаркхар азеиԥш нхарҭа астудентцәа аднакылартә еиԥш аҭагылазаашьа шаԥҵахо.