Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭақәа рыхьчара ААУ афизика-математикатә факультет аҟны

 Лаҵарамза 28-29  рзы афизика-математикатә факультет аҟны имҩаԥысуан аушьҭымҭацәа реихшьалатә аҳәынҭқарратә аттестациа.

 Акомиссиа ахантәаҩы – атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор А.И.Марколиа, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Н.Л.Ԥачулиа.

   Акомиссиа алахәылацәа: афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик И.А.Екба, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат А.Ш.Гыцба, аҵарауаҩ-амаӡаныҟәгаҩ хада, арҵаҩы еиҳабы А.С.Акаба, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Е.О.Хазириши, арҵаҩы еиҳабы М.Р.Голава.