Азҵаара рыҭара



Амагистртә диссертациақәа рыхьчара аҭоурыхтә факультет аҟны

    Лаҵарамза 25 инаркны ААУ аҭоурыхтә факультет аҟны дистанциала иалагеит амагистртә диссертациақәа рыхьчара.

    Аҭоурыхтә факультет амагистрантцәа русумҭакәа рыхьчараан онлаин арежим ихы алаирхәит ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа.

   Раԥхьаӡакәны ауниверситет аҿы иалагалан онлаинла ахьчара. Аҵараиурҭа зегь рыла иазыхиоуп ари аус амҩаԥгара, уи азын иҟоуп акомпиутертә техникеи, амедиа хархәагақәеи, ажәакала еиҵахарак ҟамҵакәа аусумҭақәа рыхьчаразы, ииашоуп иҟоуп амзызқәа онлаин змырманшәало, иаҳҳәап аинтернет еимадара зны-зынла ианыбжьа́ӡуа, аха арҭ аԥынгылақәа хырҩа рзуны астудентцәа раамҭа 7 минуҭк рҿынӡа иацҵан. Ирзыԥҵәаз аамҭа иҭагӡаны астудентцәа ирылшон русумҭақәа рыхьчареи, рнапхгаҩцәеи, аттестациатә комиссиа алахәылаҩцәеи рызҵаарақәа аҭак аҟаҵара. Иахьазын 10-ҩык амагистрантцәа ирыхьчеит русумҭақәа.