Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭақәа рыхьчара ААУ азиндырраттә факультет аҟны

  Лаҵарамза 25 азиндырратә факультет, ашьауӷатә зини апроцесси ркафедра аҟны ихацдыркит сынтәатәи аушьҭымҭацәа реихшьалатә ҳәынҭқарратә аттестациа.

  Адипломтә усумҭақәа рыхьчара  мҩаԥысуан аҿкы чымазара аламырҵәаразы аоперативтә штаб рабжьгарақәа инарықәыршәаны. Аусумҭақәа рыхьчарахь  инашьҭын сынтәа 13-ҩык астудентцәа, урҭ рхыԥхьаӡара шан 3 гәыԥкны акарантин аԥҟара иацнныҟәаны иахәҭоу адистанциа бжьаҵаны.

  ААУ азиндырратә факультет адекан С.Смыр иазгәеиҭеит астудентцәа русумҭақәа аҩра ишрылагаз ҵыԥх жьҭаарамзазы, рырҵаҩцәеи дареи ишрымаз аамҭа аусумҭақәа аус рыдулара, изыҟамлазаргь ишаԥыз аиԥш лабҿабала.

  Астудентцәа русумҭақәа зегьы аинтерес рыҵан, азҿлымҳара аиуит  Ефрем Ҳагба итема «Ауаҩшьреи уи ахкқәеи» ҳәа аԥсуа бызшәала иихьчаз. Иара иҿцәажәараан иҳәеит сынтәатәи ашықәс азы даҽакала ари аусмҩаԥгатә амҩаԥгара дара ишырхарам, ауниверситет аҿы астудентцәа рыхьчаразы зегьы шазԥхьагәаҭоу; адезинфекциа, ашоурашәара, асабрада, анапҭырԥақәа. Инаҵшьны иҳәеит акарантин аамҭазы рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәеи дареи аимадара шрыбжьаз интернет хархәагалеи, ҭеллеи, русумҭақәа иагыз иабзаз шдыриашоз: «Агәыӷра ҳамоуп ҳнапхгаҩцәа ҳарԥхашьом» иҳәеит астудент.