Азҵаара рыҭара



ААУ аушьҭымҭацәа Реихшьалатә ҳәынҭқарратә аттестациа

  Лаҵарамза 25 инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихацыркын  сынтәатәи аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчара.

  Аҿкы чымазара иахҟьаны ауниверситет аусураҿ имаҷым иалагалоу аԥсахрақәа.

  Адипломтә усумҭақәа рыхьчараан ауниверситет ықәныҟәон, иҳаҩсыз инеиҵыху аректорат реилатәара иалахәыз Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Л.Скорик лабжьгарақәа.

  Шьыжьнаҵы аҳәынҭқарратә аттестациа мҩаԥысраны иахьазгәаҭаз аудиториақәа рҟны ахлоркала арыцқьара иахыжьлан, апартақәеи астолқәеи спиртла ирыцқьан.

  ААУ  аҩналарҭаҿы, аҵараиурҭа аҳақьым хада Ф.Хонелиа астудентцәа ршоура лшәон, рнапқәа дрыцқьон спиртла, ирызшан асабрадақәеи анапҭырԥақәеи.

  Адиплом ахьчараан астудентцәа рацәаҩны иаднамгаларц азын, ишан гәыԥ-гәыԥла, агәыԥ аҿы 5 иреиҳаны иҩналомызт, аоперативтә штаб аԥҟарақәа инарықәыршәаны иақәнагаз адистанциа бжьаҵаны.