Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А.А. Гәарамиа иҟаиҵаз ааԥхьара.

  Иахьа ААУ аҟны, онлаинла имҩаԥысит аректорат реилатәара, уи аҟны аректор, академик А. Гәарамиа иҟаиҵеит ааԥхьара, аҵараиурҭа аусзуҩцәеи, астудентцәеи рахь:
  "Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, астудентцәа, аспирантцәа, сара исҭахын, шәара шәахь схы рханы исҳәарц, ауниверситет иҷыдоу аусурахь ишиасыз, акоронавирус ҿкы чымазара ацәырҵра иахҟьаны. Хәажәкыра 26 рзы, иаҵаҩын адҵа, адистанциатә рҵарахь аиагара атәы зҳәоз. Ҳара имҩаԥаҳгеит иақәнагаз аусмҩаԥгақәа, адеканатқәеи, афакультетқәеи, акафедрақәа реиҳабацәеи, арҵаратә ҟәшақәеи рҟны, арҵаҩцәа ироурцаз алшара, алекциақәеи, асеминарқәеи, астудентцәа рыдҵақәеи, рхала ишьақәдыргыларц, иахьатәи акоммуникациатә системақәа, насгьы ауниверситет аҿы иҳамоу атехникатә базатә дыррақәа рхархәарала.
  Иазгәасҭарц сҭахәуп, ҳҵараиурҭаҿы ишышьақәгылоу ацифратә електронтә библиотека. Арҵаҩцәа рахьтә аӡәырҩы ирымоуп алекциақәа аелектрон вариантла. Арҭқәа зегьы ҳарҵаҩцәа ирнаҭоит алшара онлаинла астудентцәагьы даргьы аусеицура. 
  Абри алагьы ҳара  ҳастудентцәеи, ҳусзуҩцәеи, ауаарацәа ахьыҟоу аудиториақәеи, ауаажәларратә транспорти рҟны аҟамзаара ала, ачымазара иацәаҳахьчоит. Ҳара иҳаԥхықәу зегьы ҟаҳҵоит, арҵаратә программа адҵақәа рынагӡаразы. Сара агәра згоит, арҭқәа зегьы анагӡара шҳалшо".