Азҵаара рыҭара



Ақьырсиан динхаҵара атекстқәа реиҭагара амаӡақәа ирызкны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥысит аиҭагареи акультурабжьаратә еимадареи рзанааҭ ала аҵара зҵои, ажурналистика ахырхарҭа иҭоу астуденцәеи рҧышәа аизырҳара иазкыз аиԥылара.

Ақьырсиан динхаҵаратә текстқәа реиҭагара иадҳәалоу амаӡақәа дырзааҭгылеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, ААУ адоцент, адоуҳатә текстқәа реиҭагараҟны имаҷымкәа аԥышәа змоу Арда Ашәба. Иара астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит ихатә ԥышәа, ирызхьеирԥшит еиуеиԥшым авторцәа реиҭагамҭақәа.

Аиҭагара аҵакы дахцәажәауа аҵарауаҩ иазгәеиҭеит: «Аиҭа

гаҩ дыцҳаражәҳәаҩзароуп, иара иахьынтәеиҭеигои иахьеиҭеигои абызшәақәа ибаҩхатәра, иҟазара, идырра, иԥышәа цҳас ирхызароуп, аԥхьаҩ имҩахәасҭа зырлашо цәашьызароуп».

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатә алахәылацәа ирыман алшара аҵарауаҩ иахь азҵаарақәа рыҭира. Урҭ раӷьырак зызкыз ақьырсиан динхаҵареи аԥсуа қьабзқәеи реишьашәаларақәеи рхеибарҭәаашьеи ракәын. Насгьы аҿар ргәы иҵхоз зҵаарақәан аԥсуа традициатә ҵасқәа рҵаки урҭ ииашаны рымҩаԥгареи ирыҵаркуаз азҵаарақәа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ, арҵаҩы Ҭамила Аршба лажәақәа рыла, астудентцәа рзы аҧхьаҟагьы еиҿкаалахоит еиуеиԥшым аиԥыларақәеи аҟаза иклассқәеи.